Дональд Трамп – Иахьа Украинеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уи инақәыршәаны,   350 миллиард адоллар еиҳаны иҳауеит
Дональд Трамп – Иахьа Украинеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уи инақәыршәаны,   350 миллиард адоллар еиҳаны иҳауеит

Иахьа Украинеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уи инақәыршәаны,   350 миллиард адоллар еиҳаны иҳауеит, – иҳәеит Америка ахада Дональд Трамп.

„ Иахьа Украинеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уи инақәыршәаны,   350 миллиард адоллар еиҳаны иҳауеит, сара сыхьчазар сҭахын“, – иҳәеит Трамп.

Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Америка украинатәи ихәарҭоу аҵыхтәқәа рхархәара алшоит, уи ацынхәрас, Украинаҿ аинвестициатә фонд аадыртуеит.

Трамп иҳәамҭала, Римтәи Папа иҧсыжраҿы Украина ахада Зеленски даницәажәоз, иаартны иеиҳәеит аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩыр бзиоуп ҳәа, избанзар, Трамп ишиҳәаз ала, Урыстәыла иаҳа идууп, иаҳа иҕәҕәоуп.