Дональд Трамп Ҳамас ахь - Ажьырныҳәа 20-нӡа атҟәацәа рыҩнқәа рышха ихнымҳәыр, "Ҳамас" азы џьаҳаным иалагоит
Дональд Трамп Ҳамас ахь - Ажьырныҳәа 20-нӡа атҟәацәа рыҩнқәа рышха ихнымҳәыр, "Ҳамас" азы џьаҳаным иалагоит

Ҿыц иалху ЕАШ ахада Дональд Трамп иажәақәа рыла, израильтәи атҟәацәа аинаугурацианӡа рыҩнқәа рышха ихнымҳәыр, “Ҳамас” азы џьаҳаным иалагоит.

Трамп иажәақәа рыла, Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иҟны зеиԥшҟамлац ала ибзиаз аиҿцәажәара иман, алидерцәа наҟ-наҟтәи апланқәа ирыхәаԥшит.

«Ажьырныҳәа 20 рзы сыхиазаауеит. Ажьырныҳәа 20-нӡа атҟәацәа рыҩнқәа рышха ихнымҳәыр, “Ҳамас” азы џьаҳаным иалагоит. Маик Вальц иус ибзиаӡаны идыруеит», — иҳәеит Дональд Трамп.