Дональд Трамп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа  ирзышьақәиргылаз  атарифқәа ҳәаақәҵоуп  10% инаркны  49%-нӡа, Қырҭтәыла  10% аҳаза зқәырҵаз атәылақәа иреиуп
Дональд Трамп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа  ирзышьақәиргылаз  атарифқәа ҳәаақәҵоуп  10% инаркны  49%-нӡа, Қырҭтәыла  10% аҳаза зқәырҵаз атәылақәа иреиуп

«Америка ахада Доанальд Трамп ицәыригаз атаблица инақәыршәаны аҳәынҭқаррақәа абарҭ атарифқәа рзышьақәыргылоуп: Китаи  34% аҳаза ақәырҵеит,  Индиа – 26%, Иапониа – 24%, Виетнам – 46%, Таивань – 32%, Молдова – 31%, Аладатәи Кореиа  – 25%, Камбоџьа – 49%, Таиланд – 36%, Шри-Ланка – 44%,  убас егьырҭгьы», — аанацҳаит  Sky News.

Америка ахада иӡбарала,  Қырҭтәылеи,  Азербаиџьани,  Шәамахьтәылеи,  Украинеи 10%-тәи атариф рзышьақәыргылоуп.

Иара убас,  Трамп Евроеидгыла атәылақәа рзы  20% атариф шьақәиргылеит,  Британиа Ду – 10%.

Америка ахада ишиҳәаз ала,  арҭ атарифқәа америкатә економика аиҭашьақәыргылара иацхраауеит.