Дональд Трамп - Ахымца аанырымкылар, аҭынчратә аиқәшаҳаҭреи рыбжьарымҵар Урыстәыла аганахьала зымҽхак ҭбаау абанктә санкциақәеи атарифқәеи ралагалара срызхәыцуеит
Дональд Трамп - Ахымца аанырымкылар, аҭынчратә аиқәшаҳаҭреи рыбжьарымҵар Урыстәыла аганахьала зымҽхак ҭбаау абанктә санкциақәеи атарифқәеи ралагалара срызхәыцуеит

Ахымца аанырымкылар, аҭынчратә аиқәшаҳаҭреи рыбжьарымҵар Урыстәыла аганахьала зымҽхак ҭбаау абанктә санкциақәеи атарифқәеи ралагалара срызхәыцуеит, – асоциалтә ҳаҿы иҩит ЕАШ ахада Дональд Трамп.

Трамп Урыстәылеи Украинеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аиҿцәажәаратә еишәа иахатәарц.

„Урыстәыла уажәы Украина анырҵәара иаҿуп, ахымца аанырымкылар, аҭынчратә аиқәшаҳаҭреи рыбжьарымҵар Урыстәыла азы зымҽхак ҭбаау абанктә санкциақәеи атарифқәеи, ахәаахәҭратә ԥҟрақәеи ралагалара срызхәыцуеит. Урыстәылеи Украинеи рахь ааԥхьара ҟасҵоит аиҿцәажәаратә еишәа иахатәарц“, – иҩит Трамп.