Дональд Трамп америкатә агәыҳалалратә аиҿкаарақәа аҳәаанырцәтәи апроектқәа аҧара рзоушьҭра азин рымихыр иҭахуп
Дональд Трамп америкатә агәыҳалалратә аиҿкаарақәа аҳәаанырцәтәи апроектқәа аҧара рзоушьҭра азин рымихыр иҭахуп. Ари аинформациа аланарҵәеит New York Post.
Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, идикылар ииҭаху азакәан инақәыршәаны, икоммерциатәым аиҿкаарақәа аҳәаанырцәтәи апроектқәа аҧара рзоушьҭра азин роуам.
Астатиа ишану ала, Трамп иплан нагӡахар, арҭ аҧкрақәа аҳәаанырцә аҧсабаратә рыцҳарақәа ма аибашьра амшала азарал ду зауз ауаа ирыцхраауа арелигиатә аиҿкаарақәеи агәыҳалалратә фондқәагьы ирыдкьыслоит.
Астатиаҿы ишазгәаҭоу ала, Трамп идҵа акьыҧхьра иазку аӡбара аҵыхәанӡа ишьақәырҕәҕәам, избанзар, Америка ахада иадминистрациа аҩныҵҟа ари азҵааразы рҳәатәы еиқәшәом.