Дональд Трамп Америка апрокурор хада иҭыҧаз Пем Бонди лкандидатура иқәиргылеит
Дональд Трамп Америка апрокурор хада иҭыҧаз Пем Бонди лкандидатура иқәиргылеит

Дональд Трамп Америка апрокурор хада иҭыҧаз Пем Бонди лкандидатура иқәиргылеит.

Ҿыц иалху Америка ахада ари аӡбара идикылеит Метт Гетц икандидатура анамих ашьҭахь.

«Пем  20 шықәса рыҩныҵҟа апрокурорс дыҟан, лара ацәгьауцәа иџьбараны дрызныҟәон, Флорида ауааҧсыра ршәарҭадара лыхьчон», — иҩит Трамп асоциалтә ахаҿы.

Пем Бонди Флорида апрокурор хадас дыҟан 2011 шықәса инаркны  2019 шықәсанӡа.