Дональд Трамп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә Америка алҵра иазку адҵа инапы аҵаиҩит
Дональд Трамп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә Америка алҵра иазку адҵа инапы аҵаиҩит

Америка ахада Дональд Трамп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә Америка алҵра апроцесс алагара иазку адҵа инапы аҵаиҩит.

«О, ашьаҿа ду ҟасҵеит», — иҳәеит  Трамп адокумент инапы анаҵаиҩуаз.

Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара егьырҭ атәылақәа раасҭа акырӡа иаҳа ирацәаны аҧара аланаҵеит.

«Аиашаз, ҳхынҳәыр рҭахуп, иҟало ҳбап», — иҳәеит  Трамп.

Ари аиҿкаара аҟынтә Америка алҵра зыхҟьаз амзызқәа рыгәҭа иарбоуп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала  «COVID-19 апандемиеи агәабзиарахьчара иадҳәалоу егьырҭ аглобалтә кризисқәеи  ииашамкәа рхылаҧшра».