Дональд Трамп  абиткоинқәеи аҧхьаӡацтә активқәеи рзы астратегиатә резерв аҧҵара иазку адҵа инапы аҵаиҩит
Дональд Трамп  абиткоинқәеи аҧхьаӡацтә активқәеи рзы астратегиатә резерв аҧҵара иазку адҵа инапы аҵаиҩит

Америка ахада Дональд Трамп  абиткоинқәеи аҧхьаӡацтә активқәеи рзы астратегиатә резерв аҧҵара иазку адҵа инапы аҵаиҩит.

Акриптовалиутақәа рызҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа ахаҭарнак ҷыда, амиллиардер Девид Сақс ишиҳәаз ала, акриптовалиутатә резерв хадырҭәаауеит  ашьауҕатә усқәа раан ауаа ирымырхуа аҧхьаӡацтә валиута ала. Убри аҟынтә, Америка аиҳабыра, ррезервқәа рхарҭәааразы акриптовалиута аахәара рықәшәом.

Сақс иҳәамҭала, Вашингтон 200 000 аҟара абиткоинқәа рымоуп.