Дмитри Хундаӡе  -  Келли Дегнан иацы иҟалҵаз аҳәамҭа аполиаризациа арҭбаара иацхраауеит
Дмитри Хундаӡе  -  Келли Дегнан иацы иҟалҵаз аҳәамҭа аполиаризациа арҭбаара иацхраауеит

Адепутат  Дмитри Хундаӡе Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  адепутат Михаил  Кавелашвили илҭаз аҭак дахцәажәеит. Хундаӡе иҳәамҭала, Келли Дегнан иацы иҟалҵаз аҳәамҭа ақырҭуа жәлар раҳаҭыр ланарҟәоит,  атәылаҿы аполиаризациа арҭбаара иацхраауеит.

«Азҵаарақәа аҭак рыҭатәуп. Ҩ-зҵаак рыдамхаргьы: Жәлар рыхьчаҩ аргама дызлацәажәо аибашьратә риторика шәақәшаҳаҭума? Лара аргама илҳәеит абомбақәа рымца ахьымӡҕ аасҭа еиҕьуп ҳәа. Ахьымӡҕ ҳәа дызлацәажәо – Қырҭтәыла,  ахатә интересқәа ирызхәыцны,  асанкциа ҿыцқәа иахьрыдымгылаз ауп.  Иара убас,  даҽа зҵааракгьы – атехникатә еиҳабыра аиҿкаара шәазыразума?

Шәара шәҟынтә аҭакқәа срызҧшуп,  Америка ацҳаражәҳәаҩ абарҭ азҵаарақәа аҭак рылымҭар,  ақырҭуа жәлар иаҳа ирацәаны азҵаарақәа рызцәырҵуеит. Убри аҟынтә,  ҳаҭыр зқәу Дегнан лахь ааҧхьара ҟасҵоит ақырҭуа жәлар изыргәамҵуа азҵаарақәа рзы лпозициа аалырҧшырц», — иҩит  Дмитри Хундаӡе, иара иҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.

Иацы Қырҭтәыла апарламент адепутат  Михаил Кавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иаарту ашәҟәы лзишьҭит.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь Америка ацҳаражәҳәаҩ ари ашәҟәы дахцәажәан,   уи амцҳәароуп,  ачарҳәара атеориоуп ҳәа лҳәеит.