Дмитри Шашкини - Иаку амилаҭтә ҵысра ахантәаҩы иалхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Хабеишвили
«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Дмитри Шашкин иҳәамҭала, абжьыҭира рхы аладырхәхьеит 35 нызқьҩык иреиҳаны. Активра дууп, уи алагьы иубарҭоуп апартиа алахәылацәа аиҭакрақәа шырҭаху. Шашкин иҳәамҭала, апартиа иаҳа активла аусура иалагароуп.
Шашкин ишазагәеиҭаз ала, алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Леван Хабеишивли.
«Ари аҳәамҭа ҟасҵоит апартиа араионтә аиҿкаарақәа рҟынтә иҳауз адыррақәа рышьаҭада. Агәра ганы сыҟоуп алхрақәа актәи атур ашьҭахьҵәҟьа апартиа ахантәаҩы ҿыц дышҳауа, Михаил Саакашвили ахәыштәразы аҳәаанырцәҟа ииагара еиқәзыршәаша ахантәаҩы.
Аиҭакрақәа зҭаху, Михаил Саакашвили аҳәаанырцәҟа ииагара зҭаху апартиа алахәылацәа зегьы, ҳәарада, Леван Хабеишвили далырхуеит», — иҳәеит Шашкин.