Дмитри Песков – НАТО атәылақәа Украинаҟа рырратә контингент дәықәырҵар ауеит, Кремль ари азҵаара даараӡа иаргәамҵуеит, ари атема ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уи ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит
«НАТО атәылақәа Украинаҟа рырратә контингент дәықәырҵар ауеит, Кремль ари азҵаара даараӡа иаргәамҵуеит», — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Песков иҳәамҭала, Урыстәыла, ари азҵаара иадҳәалоу аҳәамҭақәа зегьы ирыцклаҧшуеит.
Дмитри Песков Британиа Ду аҧыза-министр иплан иазкны иазҵааит. Ари аплан инақәыршәаны, Украинаҟа 30 нызқьҩык раҟара европатәи аруаа рдәықәҵара ргәы иҭоуп.
«Ҳәарада, абарҭ аҳәамҭақәа хшыҩзышьҭра дула ҳрыцклаҧшуеит. Ари азҵаара даараӡа ҳаргәамҵуеит, избанзар, НАТО арратә контингент Украинаҟа адәықәҵароуп ҳазлацәажәо. Ҳшәарҭадара аганахьала ҳахәаҧшыр, арҭ ахҭысқәа зынӡаскгьы даҽа ҵакык роур ауеит, убри аҟынтә, ари атема ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ҳара хшыҩзышьҭра дула уи ҳацклаҧшуеит», — иҳәеит Песков.