Дмитри Песков иҳәамҭала, Владимир Путин Украина ахада иҟны анеитралитет азҵааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара дазыхиоуп
Владимир Путин Украина ахада иҟны анеитралитет азҵааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара дазыхиоуп, — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Иара иажәақәа рыла, Украина анапхгара ари азҵаара алацәажәара иахьынӡазхиоу ауп аус злоу.
«Ахада Путин аконцептуалтә проблемақәа рыӡбашьазы гәаанагарас имоу иҳәеит. Уи анеитралтә статус ауп, абазақәа рыргылара мап ацәкра. Украина анапхгара ари азҵаара алацәажәара иахьынӡазхиоу ауп аус злоу», — иҳәеит Дмитри Песков.