Дмитри Песков - Европа амилитаризациа иалаган, аибашьра апартиас аҽеиҭанакит
Дмитри Песков - Европа амилитаризациа иалаган, аибашьра апартиас аҽеиҭанакит

Кремль апресспикер Дмитри Песков иҟаиҵаз аҳәамҭала, Европа Украинаҿ аимак аҭыԥқәҵара иазку ЕАШ-и Урыстәылеи ражәалагала иадгылом.

“Европа амилитаризациа иалаган, аибашьра апартиас аҽеиҭанакит”, – иҳәеит Песков.

Азгәаҭа: Евроеидгыла алидерцәеи Украина ахада Володимир Зеленскии иахьа Бриуссель асаммит аҿы еизоит.