Дмитри Песков - Донбастәи ахҭысқәа агәҭынчымра узцәырызгоит,  шәарҭа аадырԥшуеит
Дмитри Песков - Донбастәи ахҭысқәа агәҭынчымра узцәырызгоит, шәарҭа аадырԥшуеит

Донбастәи ахҭысқәа агәҭынчымра узцәырызгоит, апотенциатә шәарҭа аадырԥшуеит,– иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Ари атәы аарыцҳаит урыстәылатәи аих.

Аих рхаҭарнакцәа Песков Америка ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа иазку азҵаарақәа изықәдыргылеит.

Жәабран 27 рзы Џьо Баиден ишааицҳаз, Донбас иҟоу аҭагылазаашьа иазку аинформациа Америка аԥшыхәратә маҵзура еиуеиԥшым 17 ҟәшақәа рҟынтә иоуеит

“Ааи, Америка аԥшыхәратә маҵзурақәа рацәаны амоуп. Урыстәылагьы ари ахырхарҭала аус ибзиаӡаны цоит. Асҟак иҳамам, аха рус ишахәҭоу еиԥш нарыгӡоит,” – иҳәеит Песков,