Дмитри Песков – Америка ахаангьы Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара иазҿлымҳамызт
Дмитри Песков – Америка ахаангьы Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара иазҿлымҳамызт

Урыстәыла анапхгара Америка Аахыҵ Кавказаҿ  аҭагылазаашьа арцәгьара ахарарҵоит.  Урыстәыла ахада иадминистрациа апресс-спикер Дмитри Песков иажәақәа рыла, Вашингтон аҳәынҭқарра ҿыцқәа рхыхра рҽазыркит.

Шәамахьтәылеи Америка ирыбжьарҵараны иҟоу астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра даналацәажәоз Песков иҳәеит – «Америка ахаангьы Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара иазҿлымҳамызт, аҭагылазаашьа арцәгьара акәын изҿыз».

Песков  Шәамахьтәыла Урыстәылантә иаиуа ацхыраарагьы дазааҭгылеит.

«Ҩ-ганктәи аспектқәа инарываргыланы, аинтеграциатә процессқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу аспектқәагьы аҵакы ду рымоуп, Евроазиатәи аекономикатә еидгылагьы уахь иналаҵаны. Шәамахьтәылеи ашәамахь жәлари арҭ аизыҟазаашьақәа рҟынтә хырҳагара ду роуеит», — иҳәеит Дмитри Песков.

Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, иахьа Америкеи Шәамахьтәылеи астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.