Диди Диӷоми аҟны 12 шықәса зхыҵуа аӡӷаб лыԥсыбаҩ ԥшаауп.
Иҟоу адыррақәа рыла, зықәра наӡамыз аӡӷаб иаха дыӡит. Асааҭ 23:00 инаркны азакәанхьчаҩцәеи аҭыԥантәи уааԥсыреи уи лыԥшаара иаҿын. Аҵыхәтәаны ахәыҷы Петриҵи имҩа иаԥну асквер аҿы дырбеит. Сааҭқәак рышьҭахь уи агаражқәа рааигәара хдыррак лымаӡамкәа
дшышьҭаз дырбеит. Аҭыԥахь иааз амедицинатә цхыраара лас аҳақьымцәа ахәыҷы лыԥсҭазаара аиқәырхара рылымшеит.
Қырҭтәыла Актәи аканал ахь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра аҟынтә ишаарыцҳаз, афакт иазкны ашьаус хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷазакәанеидкыла 109-тәи ахәҭаҷ ала – гәҭакылатәи ауаҩшьра.