Нанҳәа 12 рзы 900 шықәса ҵуеит Дидгори ақәҧара ду аныҟалара инаркны. Қырҭтәыла аиҳабыра абри аныҳәа инарҭбааны иазгәарҭарц рыӡбеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра.
Дидгори амемориали, аберҭыҧтә комплекс Гелаҭии, Гегуҭи ахан аҵакырадгьыли рҿы имҩаҧысраны иҟоу аныҳәатә уснагӡатәқәа рзы аҽазыҟаҵара иалагахьеит.
Ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәоит еиуеиҧшым абаҩхатәратә коллективқәеи ақырҭуа ашәаҳәаҩцәеи. Дидгори аныҳәа инамаданы, арратә маҵзуҩцәа анашьамҭақәа рырҭоит.