ЕАШ жәларбжьаратәи афинанстә ҿиара акорпорациа DFC анагӡаратә офицар хада Скотт Натан ар аофициалт визитла даааит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аҟынтә.
“Адунеи Қырҭтәылеи рҿы DFC аинвестициақәа ралагара иаҿуп афымцалашареи, агәабзиарахьчареи, акритикатә инфраструктуреи атехнологиақәеи рхырхарҭала. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украинаҿ аибашьра амзызла азарал зауз украинатәи аилахәырақәа рыцхырааразы, акорпорациа анапхгаҩы аҭыԥантәи партниорцәеи, америкатәи аинвесторцәеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи дырԥылоит”, – иануп аинформациа аҿы.