Девид Маккалистер - Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи европатәи адемократитә тәылақәоуп, ҳхәынаӡарақәа рыдгылоит, европатәи аҭаацәара ахь иаҵанакуеит
Девид Маккалистер - Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи европатәи адемократитә тәылақәоуп, ҳхәынаӡарақәа рыдгылоит, европатәи аҭаацәара ахь иаҵанакуеит

Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи европатәи адемокртиатә тәылақәоуп, ҳхәынаӡарақәа рыдгылоит, европатәи аҭаацәара ахь иаҵанакуеит, – Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы иҳәеит Европарламент алахәыла Девид Маккалистер.

Девид Маккалистер  иажәақәа рыла, арҭ атәылақәа Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидатцәа рстатус анашьара аӡбара рыдыркылароуп 27 тәылақәа рхаҭарнакцәа.

„Зны Украина, уи ашьҭахь Қырҭтәылеи Молдовеи аофициалла ахыҳәамҭа ҟарҵеит Евроеидгыла алаларазы. Апроцедура иалагеит, акомиссиа ахтәылак рҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ азура алагоит. Ари аӡбамҭа рыдыркылароуп 27 тәылақәа рхаҭарнакцәа.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Бриуссель  шьақәдырӷәӷәеит арезолиуциа, евроинститутқәа рахб ааԥхьара ҟаҵоуп Украиназ акандидат тәыла астатус аннашьаразы. Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи европатәи адемократитә тәылақәоуп, ҳхәынаӡарақәа рыдгылоит, европатәи аҭаацәара ахь иаҵанакуеит,”  – иазгәеиҭеит Маккалисетр.