Девид Макаллистер – Европатәи аперспектива анашьарала Европарламент ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа жәлар европатәи рҧеиҧш ишадгыло, Қырҭтәыла Евроеидгыла иазааигәахарц шырҭаху
«Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазку Европатәи ахеилак аӡбара аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Уи ала Европарламент ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа жәлар европатәи рҧеиҧш ишадгыло, Қырҭтәыла Евроеидгыла иазааигәахарц шырҭаху», — иҳәеит Европарламент аҿы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Девид Макаллистер Қырттәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, акандидат астатус аиуразы Қырҭтәыла аҧыжәара змоу аҳәарақәа зегьы нанагӡароуп.
«Ахада Зурабишвилии ҳареи ишазгәаҳҭаз ала, аполитикатә мчқәа зегьы аиҿагылара иаҟәыҵны, ахықәкы хада анагӡаразы – акандидат астатус аиуразы конструктивла аусеицура иалагароуп, уи аҵакы ду амоуп. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла ҳаналацәажәо, еснагь ажәак цәырҵуеит — аполиаризация, ари апроцесс иаанаго акоуп, атәылазы зҵакы дуу ахықәкы шынагӡатәугьы, еиуеиҧшым аполитикатә партиақәа аусеицура рҭахым», — иҳәеит Девид Макаллистер.