Девид Лэмми, Женева, франциатәи германтәылатәи иколлегацәеи, иара убас, Иран адәныҟатәи аусқәа рминистри дырҧылоит
Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Девид Лэмми, Женева, франциатәи германтәылатәи иколлегацәеи, иара убас, Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Аббас Арагчии дырҧылоит. Аиҧылара лхы алалырхәыр ҟалап адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Каиа Калласгьы.
BBC адыррақәа рыла, мчыбжьык аҧхьа Израиль Иран аганахьала имҩаҧнагаз авиа аахарақәа рышьҭахь, ирантәи мраҭашәаратәи алидерцәа раҧхьаӡа акәны еиҧылоит.
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ноель Барро иҳәамҭала, арҭ аиҿцәажәарақәа Иран аиадертәи абаллистикатәи программа аанкылара иазкуп.