Девид Кемерон - «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адкыларала, Қырҭтәыла анапхгара евроатлантикатә амҩа ианыҵит
Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Девид Кемерон иҳәамҭала, Қырҭтәыла ауааҧсыра ирҭаху еилкаауп, – евроатланатикатә ҭаацәара иалазар рҭахуп.
Девид Кемерон ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адкыларала, Қырҭтәыла анапхгара евроатлантикатә амҩа ианыҵит.
«Қырҭтәыла ауааҧсыра ирҭаху еилкаауп, – евроатлантикатә ҭаацәара иалазар рҭахуп. Ахада Саломе Зурабишвили лвето аиааиреи атәым анырра аартызаара иазку азакәан адкылареи ала Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩа ианыҵит. Британиа Ду наҟ-наҟгьы ақырҭуа жәлар ирыдгылоит», — иҩит Девид Кемерон.