Денис Шмыгаль – Амеморандум  «Ассоциациатә трио»  Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи  алшара ду рнаҭоит Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа аганахьала ирымоу амбициақәа раарҧшреи, егьи аганахьала -  Мрагыларатә партниорра асаммит азы иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵареи азы  

Амеморандум  «Ассоциациатә трио»  Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи  алшара ду рнаҭоит Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа аганахьала ирымоу амбициақәа раарҧшреи, егьи аганахьала –  Мрагыларатә партниорра асаммит азы иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵареи азы, — иҳәеит Украина Аҧыза-министр Денис Шмыгаль Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

«Мчыбжьқәак раҧхьа,  Украинеи,  Қырҭтәылеи,  Молдовеи «Ассоциациатә трио» ишьаҭаркит,  уи ала,  ҳара даҽазнык ааҳарҧшит ҳтәылақәа Евроеидгыла алалара ишазҿлымҳау,  егьи ганахьала  — сынтәа имҩаҧысраны иҟоу Мрагыларатә партниорра асаммит азы иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара ҳалшоит. Лымкаала иаҳҳәозар,  арегионалтә шәарҭадара азҵаара иаҳа хшыҩзышьҭра азаауеит», — иҳәеит Денис Шмыгаль.

Лаҵара 17 рзы Қырҭтәылеи,  Украинеи,  Молдовеи  европатәи интеграциа иазку аилибакаара амеморандум   «Ассоциациатә трио» рнапы аҵарҩит.