Деда Ена апарк аҿы имҩаҧысуеит Ақырҭуа бызшәа амш иазку ауснагӡатәқәа [афото, авидео]
Деда Ена апарк аҿы имҩаҧысуеит Ақырҭуа бызшәа амш иазку ауснагӡатәқәа. Еицырдыруа ауааҧсыра 1978 шықәса хәажәкыраз иҟалаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит.
Ари амш инамаданы, апарк аҿы ахәыҷқәа рзы еиҿкаауп еиуеиҧшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа. Уааҵәҟьа идыргылеит атематикатә баннерқәеи, ақырҭуа анбан апавилиони. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцертгьы мҩаҧысит.
Деда ена апарк аҿы дыҟан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Ауснагӡатә аҿы иқәгылеит аҭоурыхҭҵааҩы Лаша Бақраӡеи, ашҟәыҩҩы Давиҭ Турашвилии, афилолог Уасил Маҕлаҧериӡеи, Абызшәазы аҳәынҭқарратә департамент ахантәаҩы, апрофессор Гьаргь Алибегашвилии.