Давид Зилԥимиани "Европатәи асоциалистцәа" рпартиа аанижьит
Давид Зилԥимиани "Европатәи асоциалистцәа" рпартиа аанижьит

Давид Зилԥимиани “Европатәи асоциалистцәа” рпартиа аанижьит, – ари атәы Зилԥимиани асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит.

Аполитик иажәақәа рыла, апартиа алҵра зҵаарақәак рзы агәаанагарақәа реиқәымшәара амзызла иӡбеит.

“Европатәи асоциалистцәа” рпартиантә алҵра зҵаарақәак рзы агәаанагарақәа реиқәымшәара амзызла сыӡбеит. Аимак ма аиҿагылара аҭыԥ амамызт. Сара сзы еснагь аҵак ду аман аиҩызареи ауааәыҩсатә аизыҟазаашьақәеи, ари абас егьаанхоит, аха агәааангара аԥсахра ари иадҳәалам”, – иҩит Давид Зилԥимиани асоциалтә каҭаҿы.