Давид Залкалиани ЕАШ ахада агәраргагатә шәҟәы инапаҿы ииҭеит
Давид Залкалиани ЕАШ ахада агәраргагатә шәҟәы инапаҿы ииҭеит

ЕАШ ахада Џьо Баиден агәраргагатә шәҟәы инапаҿы исҭеит, – ари атәы асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит ЕАШ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давид Залкалиани.

“Агәраргагатә шәҟәы анапаҿы аҭара ацеремониа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахадеи ацҳаражәҳәаҩи зыҿҳәара кьаҿу аиԥылара рыман. Давид Залкалиани ахада Баиден Қырҭтәыла аҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа ирызкны адырра ииҭан, шьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла ЕАШ гәык-ала иазныҟәоу партниор шакәу. Ацҳаражәҳәаҩ ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла адгылара азы, иазгәеиҭеит акритикатә ҭагылазаашьа аҿы ЕАШ Қырҭтәыла атериториатә акзаареи,асуверенитети евроатлантикатәи аинтеграциа ашьцылареи рганахьала аанарԥшуа адгылара аҵак ду шамоу.

Ахада Баиден ишазгәеиҭаз, ибзианы идыруеит ҳтәыла аҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа зеиԥшроу, ҳтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети мраҭашәаратәи ашьцыларақәеидышрыдгыло,” – иазгәеиҭеит Давид Залкалиани.