Давид Залкалиани - 40 км иацәыхараны, автобан аҟынтә рымпыҵахалара алҵшәа аныубо, аҭак зыԥхықәу Аиҳабыра агәҽанызаара ҳҭахым ҳәа шәгәы иаанагома?
2014 шықәсазы, Иракли Ӷарибашвили аԥыза-министрс даныҟаз, Қырҭтәыла Ҟрым иадҳәалоу асанкциақәа шьақәнарӷәӷәеит, арҭ асанкциақәа есышықәса нагӡоит, – иҳәеитҚырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани Аиҳабыра реилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Залкалиани иажәақәа рыла, асанкциақәа адунеи аиҩызара рхы иадархәо иџьбароу уснагӡатәқәа роуп.
“Асанкциақәа аҽынкыларатә еффект рымоуп. 40 км иацәыхараны, автобан аҟынтә рымпыҵахалара алҵшәа аныубо, аҭак зыԥхықәу Аиҳабыра агәҽанызаара ҳҭахым ҳәа шәгәы иаанагома?
Иацы Борель иҳәеит иашьҭанеиуа Қырҭтәыла ҟалар ҟалап ҳәа. Ари ус баша жәақәам, ашәарҭа ҳҭагылоуп, аҭакԥхықәра ҳамоуп ҳҳәынҭқарра, ҳҭаацәарақәа, ҳахшара рҿаԥҳьа. 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз уаҳа ҟамлароуп. Шәаргьы ишәҭахым ҳәа сгәы иаанагоит,” – иҳәеит Залкалиани.