Давид Саралиӡе ишьразы ахара зду Гьаргь Менабде 10 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит
Давид Саралиӡе ишьразы ахара зду Гьаргь Менабде 10 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит

Давид Саралиӡе гәҭакылатәи ишьразы ахара зду Гьаргь Менабде 10 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит.

Аӡбаҩ Валериан Бугианишвили иӡбарала, Менабде 14 шықәсатәи аҭакра иқәҵан, аха Зықәра наӡам русқәа рзы ашьауӷа закәанеидкыла инақәыршәаны, аҿҳәара аԥшьбарак рыла маҷхан, 10 шықәсеи фымзи иаҟарахеит.

Апрокурор Мириан Мегрелишвили иажәақәа рыла, аӡбарҭа аус ҭҵааны, абри еиԥш аҿбамҭа аднакылеит.

Давид Саралиӡе ишьра аус иадҳәаланы, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминисрра хаҭарнакцәа Гьаргь Менабде мшаԥы 15 рзы дааныркылеит.

2017 шықәса жәабран 1 азы, Хорава имҩаҿ Давид Саралиӡеи Леван Дадунашвилии рышьра аус азы ахара рыдын Гьаргь Џьанашиа, Гуга Барбақаӡе, Михеил Каландиа.  Давид Саралиӡе гәҭакылатәи ишьрахы иҭакыз Гьаргь Џьанашиа апенитенциатә усҳәарҭантә дҭыҵхьеит. Уи апроцесстә аиқәшаҳаҭра иабзоураны, ԥшьышықәса дҭакын.

Михеил Каландиа 11 шықәсеи хымзи аҭакра иқәҵан.