Давид Гареџьи аус азы иаанкылаз Ивери Мелашьвилии Наталиа Иличевеи  ашас ԥара ацынхәрас иоурыжьит
Давид Гареџьи аус азы иаанкылаз Ивери Мелашьвилии Наталиа Иличевеи  ашас ԥара ацынхәрас иоурыжьит

Давид Гареџьи аус азы иаанкылаз Ивери Мелашьвилии Наталиа Иличевеи  ашас ԥара ацынхәрас иоурыжьит. Ашас ԥара 20 000 лари иаҟароуп.

Апрокуратура Давид Гареџьи аус азы иаанкылоу Наталиа Иличевеи Ивери Мелашвилии 30 000 лари ашас ԥара ацынхәрас роужьҭразы азыҳәара ҟанаҵеит.

Ахарадҵаҩцәа ирымоу аҳәара инақәыршәаны, ахара зду ахаҿқәа аҳәынтқарратә ҳәаа ахысра зин рымам, иара убас урҭ рнапынҵақәа шьҭарҵароуп.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа акциа мҩаԥысуеит. Акциа рхы аладырхәоит аполитикатә партиақәа рхаҭарнакәеи атәылауааи.

Давид Гареџьи аус азы ҵыԥх, жәабран 7 рзы иаанкылан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуз Ивери Мелашьвилии Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩ Наталиа Иличевеи. Қырҭтәылa aпрокурaтурa хaдa, Қырҭтәылa aҵaкырaдгьыл хәҭaк дaҽa ҳәынҭқaррaк aҭaрa aфaкт aзы aусеилыргaрa ҳацнаркит.