Давиҭашвили «Сент-Етиен» ашҟа диасуеит — «Бордо» 6 миллионк аиуеит
«Зурико Давиҭашвили афранцыз лига 1 иазыхынҳәыз «Сент-Етиен» ашҟа диасуеит», — аанацҳаит ActuL1.
«Зурико Давиҭашвили 6 миллионк евро ҳәа «Сент-Етиен» ашҟа диасуеит! Иара амедицинатә гәаҭара данахыслак ашьҭахь, аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩуеит 4+1 шықәса аопциала», — иануп афранцыз ҭыжьымҭаҿы.
«Ари аилаӡара ирласӡаны ихыркәшан. Евро-2024 аҿы Қырҭтәыла аизга алахәыла «Бордо» аҿы асезон ҕәҕәа мҩаҧигеит. «Сент-Етиен» акыраамҭа ицклаҧшуан, анеҩс, ари аклуб Лига 1 ашҟа ианиас, Давиҭашвили ажәалагала ирҭеит.
Зурико Давиҭашвили ирласӡаны дақәшаҳаҭхеит, избанзар Лига 1 аҿы дыхәмарыр иҭахын. Ари атрансфер ф-миллионк евро иаҧсоуп. Қырҭтәыла аизга Евро-2024 асенсациақәа иреиуп», — иануп аҭыжьымҭа Footmercato аҿы.