Давиҭ Залкалиани – НАТО аҿы ҳпартниорцәа агәра ганы иҟоуп Бухаресттәи асаммит аӡбара аиҭахәаҧшра шыҟамло
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала, НАТО ацҳаражҳәаҩцәа рҟны аинтерес зҵаз адискуссиа мҩаҧган. Аминистр иҳамҭала, НАТО аҿы Қырҭтәыла апартниорцәа агәра ганы иҟоуп Бухаресттәи асаммит аӡбара аиҭахәаҧшра шыҟамло.
«НАТО аҿы ҳпартниорцәа агәра ганы иҟоуп Бухаресттәи асаммит аӡбара аиҭахәаҧшра шыҟамло, атәыла цыҧхьаӡа ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иаҭаху алианс алхра азин шамоу. Абри азин хадагьы аиҭахәаҧшра ргәы иҭам.
Абри ауп исарҳәаз, абарҭ аҳәамҭақәа Қырҭтәылазы аҵакы ду рымоуп, избанзар ҳара цқьа иаадыруазароуп НАТО аҿы ҳпартниорцәа рпозициа зеиҧшроу. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла иҟаз апрогресс НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аан ҧырхага амоурц азыҳәан, ҳара, ҳаиқәшаҳаҭны, ҳҳәатәы еиқәшәо аусеицура наҳагӡароуп. Аҵыхәтәантәи ҳхықәкы нагӡахарц, НАТО алалара ҳалшарц азыҳәан уажәтәи аҭагылазаашьа ишахәҭоу ала ҳхы иаҳархәароуп», — иҳәеит Залкалиани.
Иахьа Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани, Бриуссель, НАТО ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит, амш анҵәамҭазы иареи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги реиҧылара мҩаҧысуеит.