Давиҭ Залкалиани иҳәамҭала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы украинатәи ажурналист Дмитри Гордон изкны заанаҵы изакәызаалак аинформациа рмоуит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани иҳәамҭала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы украинатәи ажурналист Дмитри Гордон изкны заанаҵы изакәызаалак аинформациа рмоуит, избанзар иара абжьааҧнытә атәылауаҩ иоуп, аофициалтә делегациа далам.
«Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изакәызалак дыррак амоуит, изакәызаалак документациак иҟам», — иҳәеит Залкалиани.
Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла анапхгара атәыла алалара азин ирымҭеит. Иара ари атәы иҩит «Telegram» аҿы.
«Сааҭк аҧхьа Қарҭ сааит. Апаспорттә гәаҭаратә пункт аҿы сааҭк сыҧшны сгылан спаспорт аштам ақәырҵаанӡа. Аха, нас, аофициалла исзаарыцҳаит Қырҭтәыла алалара азин сшымам. Амзыз сарымҳәеит. Иацы Украина Адәныҟатәиа усқәа рминистрра Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәарала иадҵаалт Русҭавтәи абахҭаҿ Михаил Саакашвили ибара алшара сырҭарц.
Иҟалаз афакт — жәларбжьаратәи аҭыӡшәоуп, ақырҭуа напхгара рзы иҧхашьагоуп», — иҩит Гордон.