Давиҭ Залкалиани – Алхрақәа рыцклаҧшра жәларбжьаратәи аформат еиқәыршәазаауеит
«Ҳара алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара ҳалагеижьҭеи акрыҵуеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауп аофициалтә ааҧхьарақәа дәықәызҵо», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.
Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы ааҧхьарақәа роухьеит, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амиссиа Қырҭтәылаҟа иаахьеит, дара алхраҧхьатәи апроцесс иацклаҧшуеит.
Залкалиани агәра ганы дыҟоуп жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхрақәа ибзианы ишрыхцәажәо.
«Алхрақәа рыцклаҧшра жәларбжьаратәи аформат еиқәыршәазаауеит. Ишыжәдыруа ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара заанаҵтәи аҳасабырба цәырнагахьеит. Агәра ганы сыҟоуп жәларбжьаратәи анаҧшцәа зегьы алхрақәа ибзианы ишрыхцәажәо, уи алхрақәа рзакәанра ашьақәырҕәҕәареи атәыла аҿиареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.