Давиҭ Залкалиани - 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аан ирыдыркылаз аӡбара ԥсаххом
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишааицҳаз ала, 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аан ирыдыркылаз аӡбара ԥсаххом.
Залкалиани Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Урыстәылатәи афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ”Қырҭтәылеи Украинеи Нато алалара иазкны2 008 шықәсазы Бухарест имҩаԥгаз Нато асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбара хымԥада аԥыхтәуп ҳәа (дезавуировать)” аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, ари аҳәамҭа адкылашьа амам.
Уаанӡа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәылатәи афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа адкылашьа шамам. “2008 шықәса мшаԥы 3 рзы Нато иалоу атәылақәа рлидерцәа Бухаресттәи асаммит аҿы аҿьара рыдыркылеит Қырҭтәылеи Украинеи Нато иалалоит ҳәа. Ари аконсенсус ашьаҭала ирыдркылаз аплитикатә аӡбароуп, ари аӡбара рыдыркылеит жәларбжьаратәи зин ашьаҭатәи принципқәа рышьаҭала – аҳәынҭқаррақәа зегьы асуверентә зин рымоуп рхатә адәныҟатәи политикатә курс рхала алырхыр. Ари аӡбара Аҩадаатлантикатә еиқәшаҳаҭра ажәабатәи ахәҭаҷ иахылҵуеит – Нато алалара алшоит аиқәшаҳаҭра апринципқәа иазханаҵо, Аҩадаатлантикатәи қәыԥшылара ашәарҭадараҿ алагала змоу иарбанзаалак европатәи ҳәынҭқарра.
Нато алалара Қырҭтәыла асуверентә аӡбароуп – уи Қырҭтәыла атәылауаа реиҳараҩык рыӡьахьеит, ари аарԥшуп Қырҭтәыла аконституциаҿ.
Ари зегьы иазыԥхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала, Урыстәылатәи афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа адкылашьа амам. Ахԥатәи аган, Урыстәыла Бухаресттәи асаммит аӡбара аиҭахәаԥшра иазку иарбанзаалак аҳәамҭа жәларбжьаатәи зин ашьаҭатәи принципқәа ирҿагылоит,” – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахәамҭа аҿы.