Давиҭ  Усуҧашвили -  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украинаҟа ивизит аҵакы ду амоуп
Давиҭ  Усуҧашвили -  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украинаҟа ивизит аҵакы ду амоуп

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украинаҟа ивизит аҵакы ду амоуп,- абас игәы иаанагоит апарламенттә фракциа  «Лело» ахантәаҩы Давиҭ Усуҧашвили.

Иара иажәақәа рыла, Украинаҟа иҳаракӡоу аҩаӡараҟны авизит аҵакы ду амоуп.

«Уи аоппозициаа рҽазышәара иабзоуроуп, избанзар, апарламент аспикер ацаразы мап аник, ҳазынтәгьы ҳҽеидаҳкылоит ҳәа ҳҳәеит. Ҳәарада, уи ала, анапхгаратә партиа ҳақәыҕәҕәеит, дара аимадара иақәшаҳаҭхарц акәхеит. Мызки бжиаки раҧхьа иҟаҵатәыз уажәы иҟарҵеит, уи атәылазы ибзиоуп, Қырҭтәылазгьы Украиназгьы ибзиоуп», — иҳәеит  Усуҧашвили.

Иара иажәақәа рыла, апарламент ахантәаҩы ивизит ашьҭахь, апарламенттә  делегациагьы Украинаҟа инеиуеит.