Давиҭ Усуҧашвили – Ҳара апарламент ахантәаҩы дызхагыло аделегациа ҳрыцны Украинаҟа ҳцоит,  атәыла ахаҭарнакра аан ҳаидгылазароуп, уи аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара ашьаҭақәа иреиуп
Давиҭ Усуҧашвили – Ҳара апарламент ахантәаҩы дызхагыло аделегациа ҳрыцны Украинаҟа ҳцоит,  атәыла ахаҭарнакра аан ҳаидгылазароуп, уи аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара ашьаҭақәа иреиуп

«Ҳара  «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳрыцны акәӡам Украинаҟа ҳашцо, ҳара Қырҭтәыла апарламент аделегациа ахьӡала ҳцоит. Атәыла аҩнуҵҟа анапхгаратә партиа ҳаҿагылазаргьы,  атәыла анҭыҵ ҳазынтәгьы аҳәынҭқарра ҳахаҭарнакцәазароуп», — иҳәеит апартиа  «Лело» алидерцәа иреиу Давиҭ Усуҧашвили апарламенттә делегациа Украинаҟа рдәықәлара азҵаара даналацәажәоз.

Иара ишиҳәаз ала, ипартиа  аҟынтә аделегациа иалахәхәо адепутатцәа иахьа еилкаахар ҟалап.