Давиҭ Сергеенко ишиҳәаз ала, хара имгакәа аполиткиатә партиақәа еиқәшаҳаҭхар ҟалап
Апарламент авице-спикер Давиҭ Сергеенко ишиҳәаз ала, хара имгакәа аполиткиатә партиақәа еиқәшаҳаҭхар ҟалап.
«Иааиуа амшқәа рзы аконкреттә аӡбара ҳадаҳкылоит. Аҩ-ганкгьы цқьа иазхәыцны, акомпромисс рыҧшаароуп. Евроеидгыла апозициа еилкаауп. Ганкахьала дара аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟарҵоит дара апарламент иалаларц, егьи аганхьала атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵеит акомпромисс азы аҭагылазаашьақәа еиқәдыршәарц. Иааиуа амшқәа рзы аконкреттә аӡбара ҳадаҳкылап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Давиҭ Сергеенко.