Давиҭ Каҷарава  - Асанкциақәа рыла аӡәгьы ддыршәом, ҳара атәыла аинтересқәа рыла ахәаахәҭра ҳгәы иҭам  
Давиҭ Каҷарава  - Асанкциақәа рыла аӡәгьы ддыршәом, ҳара атәыла аинтересқәа рыла ахәаахәҭра ҳгәы иҭам  

«Абри аҩыза азакәанпроектқәа адунеи зехьынџьара ирыдыркылоит, ҳара ҳтәыла аҽалагалара ҳзақәшаҳаҭхом. Ҳара вето аҧыхны, ҧхьаҟацара наҳагӡоит», — иҳәеит аҵысра «Ажәлар рымч» алахәыла  Давиҭ Каҷарава.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла азакәантә напхгара  ашантаж рзыруеит, асанкциақәа рыла ирықәмақаруеит дара аартызаара иазку азакәан ахьрыдыркылаз мацараз.

«Адунеиаҿ иџьоушьаша ахҭысқәа мҩаҧысуеит  — Қырҭтәыла азакәантә напхгара  ашантаж рзыруеит, асанкциақәа рыла ирықәмақаруеит дара аартызаара иазку азакәан ахьрыдыркылаз мацараз.  Уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалареи ашантажи ауп, ҳара уи ҳҽанраалараны ҳаҟам.  Ҳара ахьаҵреи ҳтәыла ахьыҧшымра аҭиреи ҳгәы иҭам. Ҳтәыла амилаҭтә интересқәа ҳахьчоит. Ари амҩа анагӡара ҳазыхиоуп.  Адунеи зехьынџьара абри аҩыза азакәанқәа рыдыркылоит. Ҳара вето аҧыхны, ҧхьаҟацара наҳагӡоит. Астратегиатә партниорра  ашантаж акәымкәа, аҳаҭырқәҵара ашьаҭалоуп ишҿиаауа. Асанкциақәа рыла аӡәгьы ддыршәом, ҳара ҳтәыла аинтересқәа рыла ахәаахәҭра ҳгәы иҭам. Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Каҷарава.