Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом
Украина анапхгаратә партиа „Ажәлар рмаҵзуҩы“ ахантәаҩы Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом.
Арахамиа иажәақәа рыла, мраҭашәаратә партниорцәа Украинаҿ алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәом, аха, уезгьы, аамҭа-аамҭала ари азҵаара цәырҵуеит.
Иара ишиҳәаз ала, аруаа, мамзаргьы, аҳәаанырцә иҟоу украинаа алхрақәа раан абжьыҭира шрылшаша аӡәгьы издырӡом.
„Иааиуа ашықәс азы алхрақәа зымҩаҧгахом ҳәа сгәы иаанагоит. 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом“, – иҳәеит Арахамиа.
Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, уаанӡа, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҳәеит алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара ишалацәажәо, ахада Зеленски еиуеиҧшым авариантқәа дышрыхәаҧшуа.