Дариа  Калениук – Қырҭтәыла ампыҵахаларазы Мраҭашәаратә реакциа иҧсыҽын,  убри азоуп Урыстәыла ахатә гәымбылџьбара  аарҧшра зынанагӡо
Дариа  Калениук – Қырҭтәыла ампыҵахаларазы Мраҭашәаратә реакциа иҧсыҽын,  убри азоуп Урыстәыла ахатә гәымбылџьбара  аарҧшра зынанагӡо

2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа уажәтәи украинатәи ахҭысқәа ррепетициа акәын.  Қырҭтәыла ампыҵахаларазы Мраҭашәаратә реакциа иҧсыҽын,  убри азоуп Урыстәыла ахатә гәымбылџьбара  аарҧшра зынананагӡо, — илҳәеит Украинатәи антикоррупциатә каолициа  (Ukraine Anti-Corruption Coalition) ахаҭарнак  Дариа  Калениук.

Лара ишылҳәаз ала, Украина еибашьуа ақырҭуаа зегьы драҭабууп.  Дариа  Калениук лажәақәа рыла, Украина имҩаҧысуа аибашьра —  ахақәиҭра азықәҧароуп.

«Иахьа абра, ампыҵахалатә цәаҳәаҿы сыҟоуп.   2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа уажәтәи украинатәи ахҭысқәа ррепетициа акәын.  Қырҭтәыла ампыҵахаларазы Мраҭашәаратә реакциа иҧсыҽын,  убри азоуп  Урыстәыла ахатә гәымбылџьбара  аарҧшра зынананагӡо,  уажәы дара украинаҿ агеноцид мҩаҧыргоит. Украина аҵакырадгьыл ду импыҵахалоуп,  миллионла ауааҧсыра  ишәаны иҟоуп. Иахьа абра сыҟоуп аграма исҳәарцаз  ари аибашьраҿ Украина ишаиааиуа.  Уажәы Украина еибашьуа ақырҭуаа зегьы ҳраҭабууп.  Ари адгылара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп,  шәара еилышәкаауеит Украина имҩаҧҩысуа аибашьра шәаргьы ишшәыдкьысло,  ари аибашьра ахақәыиҭра азықәҧара ишазку.  Чечентәыла,  Қырҭтәыла,  Молдова,  уажәшьҭа Украинагьы – абарҭ атәылақәа рҿы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиазы ари аҳәынҭқарра атерроризм спонсорс иазхаҵазароуп», —  илҳәеит  Дариа  Калениук   ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну Оӡиси ақыҭан даныҟаз. Иахьа ари ақыҭа иаҭааит Қарҭтәи жәларбжьратәи аконференциа  «Нагӡара акәзааит Украина» алахәылацәа.