Даниа ацҳаражҳәара - Астатиа иагәылҩаау ацыԥҵәахақәа ақырҭуа дебатқәа рҿы рхы иадырхәоит аконтекст ада
Астатиа иагәылҩаау ацыԥҵәахақәа ақырҭуа дебатқәа рҿы рхы иадырхәоит аконтекст ада. Ацаражара ари апроцесс аҽалагалара аҭахым, убри аҟынтә иацҵаны алкаақәа ҟанаҵом, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Даниа ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.
„Астатиа Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара иазкыз аҭоурыхтә аӡбара инамаланы даниатәи агазеҭ азы иҩын. Астатиаҿ иазгәаҭоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа шаҭаху, иазгәаҭоуп ари апроцесс аҿы Даниа адгылара ду. Даниа Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла еснагь адгылон, ари наҟ-наҟгьы нагӡахоит.
Астатиа иагәылҩаау ацыԥҵәахақәа ақырҭуа дебатқәа рҿы рхы иадырхәоит аконтекст ада. Ацаражара ари апроцесс аҽалагалара аҭахым, убри аҟынтә иацҵаны алкаақәа ҟанаҵом”, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Даниа ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла иҟоу Даниа ацҳаражәҳәаҩ Анне Тофт Соренсен лавтортә статиа инамаданы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ дыҟан. Ацҳаражәҳәаҩ аихқәа рҟны алкаа ҟалымҵаӡеит.
Қырҭтәыла иҟоу Даниа ацҳаражәҳәаҩ Анне Тофт Соренсен лавтортә статиаҿ ишану ала, “Биӡина Иванишвили долигархуп, имал Урыстәылаҿ еизигеит“.