Жәыргьыҭ, Дадианиаа рхан ашҭаҿ иҟаз аџьазтә баҟа ирӷьычит.
Амузеи администрациа аинформациа ала, ашьыжь азы, атерриториа агәаҭараан, аусуҩцәа абаҟа аҭыԥ аҿы ишыҟамызт рбан, азакәанхьчаҩцәа адырра рырҭеит.
Аполициа аусуҩцәа аекпертиза амҩаԥгара хдыркәшеит, аусԥшаара хаҵыркуп.
“Иахьа, асааҭ жәба инаркны жәабанӡа амузеи ахьчаҩцә абаҟа аҭыԥ аҿы ишыҟамызт рбеит, апедиестал кажьын. Амузеиа дминистрациа иаразнак 112 ахь иасын, азакәанхьчаҩцәа адырра рнаҭеит. Абаҟа аџьаз алхуп, уи “Колхиш нана” (Аҟалӷьы иан) ахьӡуп, уи автор иоуп аскульптор Џьумбер Џьийиа,” – илҳәеит амузеи адиректор Нана Хубуа.