COVID-19 ала ичмазаҩыз апациент даныҧслак  аинфекциа ахылаҧшразы имҩаҧгатәу  уснагӡатәқәа
COVID-19 ала ичмазаҩыз апациент даныҧслак аинфекциа ахылаҧшразы имҩаҧгатәу уснагӡатәқәа

Акоронавирус ахкҿыц  (SARS-CoV-2) иахылҵыз аинфекциа  COVID-19 ала ичмазаҩыз апациент даныҧслак  аинфекциа ахылаҧшразы имҩаҧгатәу  уснагӡатәқәа:

  1. COVID-19 ала ичмазаҩыз, ма дычмазаҩуп ҳәа гәҩарас ирымаз апациент дыҧсыр, аҧсы ашьаршьаф дылаҳәаны, аӡы злымсуа аҧсы ашәыра ҷыда дҭаҵатәуп, инапыхәдаҿы идҿаҳәалатәуп аиндентификациатә информациа зну азгәаҭа. Анеҩс,  ашәыра ахы инаркны аҵыхәанӡа иҕәҕәаны иҿаҳәатәуп аҧсытә бааӡара кылымсратәы;
  • Аҧсытә ашәыра адәахьала иарктәуп (абжьарҕәҕәага ҷыда  ала  ма ашәыра аџьыба иҭаҵаны)  аҧсы изку аиндентификациатә информациа  (инапыхәда иадҿаҳәалоу аинформациа иашьашәалоу). Аҧсы ашәыра дҭарҵаанӡа,  ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу апҟарақәа зегьы нагӡатәуп:
  • аҧсы гәҽанызаарыла акатетерқәеи адренажқәеи иҿыхтәуп; урҭ ацәеижь иахьалаз аҭыҧқәа зегьы  адезинфекциа рзутәуп  1%-тәи агипохлорид ала;
  • аҧсы иаҧыргоу иҵару амаҭәарқәа (иаҳҳәап агәы – шьадатә катетерқәа) аконтеинер ҷыдақәа ирҭаҵатәуп;
  • абиологиатә бааӡатәы акылсра аҽацәыхьчара амзызла, аҧсы иҿи аҧынҵеит ҕәҕәала иҿаҳәатәуп;
  • аҧсы ирыцқьара аан ахархәара змаз амаҭәарқәа зегьы аинфекциатә цәынхақәа рконтеинер иҭаҵатәуп.
  1. Анеҩс, аҧсытә ашәыра амедицинатә усбарҭаҿы иҟоу аҧсы аамҭалатәи ишьҭаҵарҭашҟа иаргоит, уаҟа ашәыра адәахьала иақәырҵоит аинфекциатә ашәарҭа азгәаҭаратә жәларбжьаратәи асимвол.
  2. Аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭаҿы аҧсытә ашәыра адәахьала адезинфекциа азутәуп.
  3. Аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭашҟа аҧсы даннаргалак ашьҭахь, 1 сааҭк иахымгакәа, иашьашәалоу аритуалтә/аҧсыжратә маҵзуреи ауацәеи апациент иҧсреи иаамҭаны анышә иаҭара ахымҧадареи иазкны адырра рырҭароуп.
  4. Аҭаацәара алахәылацәа /аҧсыжратә маҵзура аинфекциа аларҵәара ашәарҭеи хымҧада имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирызкны аинформациа рымазароуп:
  • аҧсы, аҧсытә ашәыра дҭымгакәа акәыба дҭаҵаны ауп дшиагатәу, аҧсы данакҿоугьы, анышә данарҭогьы акәыба аартра ҟалом;
  • аҧсы иаамҭаны (72 сааҭ иахымгакәа) анышә даҭатәуп, аҧсы иҵәыуаразы ауаа рацәа реизара ҟалом.
  1. COVID-19 ала ичмазаҩыз ма ари ачымазара имоуп ҳәа гәҩарас ирымаз апациент дыҧсыр, аҧсы абальзам изыҟаҵара, ма апатологиа-анатомиатә аҭҵаара амҩаҧгразы иҧҟара уҳәа, аҧсы иҟны изакәызаалак еимадарак иҟамзароуп; аҧсы хымҧада апатологиа-анатомиатә аҭҵаара изымҩаҧгатәызар, ашәарҭадаратә нормақәа зегьы иҕәҕәаны ихьчазароуп.

Аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭа

  1. Аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭатә усбарҭа егьырҭ ақәыҧшыларақәа ирҟәыганы иҟазароуп, ари аҭыҧ атранспорт анеиразы иманшәалазароуп;
  2. ашьҭаҵарҭа аҭӡамцқәеи адашьмеи зыӡәӡәареи здезинфекциеи  ҟало ахҟьага рықәзароуп;
  3. аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭа ишахәҭоу ала аус зуа авентилиациатә системала еибыҭазароуп;
  4. ашьҭаҵарҭа аусура ишиашоу иадҳәалам ауааҧсыра (амедицинатә персоналгьы уахь инрылаҵаны) аамҭала аҧсы ишьҭаҵарҭа аҩналара азин рымам;
  5. аҧсы цыҧхьаӡа иагара ашьҭахь, ашьҭаҵарҭеи, иара убас, аҧсы дызлааргаз асакасеи, ашьҭаҵарҭаҿы иҟоу егьырҭ амаҭәарқәеи ирыцқьаны адезинфекциа рзутәуп.

Ахатә ахьчаратә хархәагақәа

Амедицинатә усбарҭақәеи, апрозектуреи, аҧсыжратә/аритуалтә маҵзурақәеи русуҩцәа зегьы   COVID-19 ала ичмазаҩыз ма ари  ачымазара имоуп ҳәа гәҩарас ирымаз аҧсы аус идулара аан хымҧада еибыҭазароуп ахатә хыхьчара ахархәага ҷыдақәа рыла:

  • ҩбаны еиду ахирургиатә анапҭарҧақәа, урҭ ирықәзароуп зыҧҟара ҟамло, иҕәҕәоу даҽа анапҭарҧак, ма аусуҩ инапы иахазароуп хҧаны иҟоу ижәпоу анапҭарҧақәа
  • абааӡатәы злымсуа азынхархәаратә халаҭ
  • ахатә ахьчаратә абласаркьеи ахаҿы зыхьчо аҧыраки
  • ахирургиатә сабрада ма ареспиратор
  • абахилқәа
  • амедицинатә спирт

Ахатә хыхьчаратә хархәагақәа зегьы ахархәара рымазароуп аҧсы аус идулара аетапқәа зегьы раан; амедицинатә усбарҭақәа рқәыҧшыларақәа  (апалата, азал) рҿы аҧсы ашәыра ҷыда иҭаҵареи иагареи аан ахьчаратә хархәагақәа ииашаны рхархәареи ашәарҭадаратә ҭагылазашьақәа зегьы рыхьчареи аҵакы ҷыда амоуп.

Апатологиа -анатомиатә маҵзура

  1. COVID-19 ала ичмазаҩыз ма ари ачымазара имоуп ҳәа гәҩарас ирымаз ауаҩы даныҧслак, апатологиа-анатомиатә ҭҵаарақәа рзы аҧсы иҧҟара ҟалом, зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьа ада; зыӡбахәы ҳәоу аҭҵаарақәа хымҧада имҩаҧгатәызар, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа иҕәҕәаны ихьчазароуп.
  2. COVID-19 аинфекциа амшала иҧсыз ауаҩы иҧсыбаҩ апатологиа-анатомиатә ҭҵаарақәа рзы иҧҟара ҟалоит аҳауа ациркулиациатә система ахьеиқәыршәоу апрозекутара мацараҿ. Ари асистема, апрозектураҿы, егьырҭ ахыбрақәа раасҭа иаҳа илаҟәу аҳауа атемпература еиқәнаршәароуп, сааҭк ала 6-нтә еиҵамкәа аҳауа аҧсахроуп (иҟоу ахыбраҿы) мамзаргьы, 12-нтә аҳауа аҧсахроуп (ахыбра ҿыц аҿы ма ирҽеиу ахыбраҿы) (агәра ганы шәыҟазароуп аҳауа ауадантә ишиашоу адәахьы ишҭыҵуа, ма арециркулиациа аан ахархәара амазароуп зылҵшәара дуу HEPA аҳаиртә фильтрқәа).
  3. Аҧсы иҧҟара апроцедура еиуеиҧшым аетапқәа раан аерозоль цәырҵыр  ауеит, убри аҟынтә,  аҧсыҧ лагаҩагаратә органқәа рыхьчаразы, аусуҩ  ареспиратор иҿазароуп  (иаҳҳәап., N95);  иара убас, ахирургиатә маҭәарқәа зегьы авакуумтә ахҟьа рымазароуп.
  4. Апрозектура шәҭыҵаанӡа, шәхатә хыхьчаратә хархәагақәа ишәшәыхны, аутилизациа  аҳәарақәа нашәыгӡа. Ахатә хыхьчаратә хархәагақәа инкашәыжьлак,  аӡылеи сапынлеи шәнапқәа шәыӡәӡәа. Анапқәа ргигиенатә хархәагақәа  (анапыӡәӡәарҭа, асапын, зныктәи анапхьшьы, алкоголь злоу анапытә санитаизер) иахьашәзыманшәалоу аҭыҧ аҿы иҟазароуп (иаҳҳәап, ахатә ахьчаратә хархәагақәа ахьышәшәышәхуа аҭыҧ аҿы ма уи ааигәара).
  5. аутопсиа ахьымҩаҧырго ауадаҿы иҟоу аперсонал иашьашәалоу ахатә ахьчаратә хархәагақәа рыла еибыҭазароуп:
  • ҩбаны еиду ахирургиатә анапхаҵақәа, урҭ ирықәзароуп зыҧҟара ҟамло, иҕәҕәоу даҽа напхаҵак
  • аҳауа злымсуа ахалаҭ ма аҧыраҳәа аҵаҟа иршәырҵо ахирургиатә костиум
  • ахатә ахьчаратә абласаркьеи ахаҿы зыхьчо аҧыраки
  • абахилқәа
  • амедицинатә спирт
  • ареспиратор (иаҳҳәап., N95)
  1. Ахыбра аҩнуҵҟа иҟоу амаҭәарқәа ррыцқьареи адеконтаминациа апроцедурақәа рымҩаҧгареи ихымҧадоуп.
  2. Аусуҩцәеи аусуратә қәыҧшылареи рхылаҧшреи амониторинги ихымҧадоуп.