CNN — Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә еиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Ҭырқәтәыла аҭаара игәы иҭам
CNN — Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә еиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Ҭырқәтәыла аҭаара игәы иҭам

 

Америка ахада Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә еиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Ҭырқәтәыла аҭаара игәы иҭам.

Ари аинформациа аланарҵәеит  CNN.

Уаанӡа, Америка ахада  Дональд Трамп Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Сҭампылҟа ддәықәлар шыҟалоз иҳәеит.

«Ауаа рыҧсҭазаара аиқәырхаразы сграфик  аҧсахра сазыхиоуп», — иҳәеит Трамп.

Уажәы Трамп аофициалтә визитла Ааигәатә Мрагылараҿ дыҟоуп.

Урыстәыла ахада Владимир Путингьы аиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Сҭампылҟа днеиуам.