Чехиа Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хҩык аусзуҩцәа асанкциақәа рзышьақәнагрылеит
Чехиа Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хҩык аусзуҩцәа асанкциақәа рзышьақәнагрылеит. Ари атәы асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит Чехиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иан Липавски.
“Иахьа, сара иҟасҵаз абжьагара инақәыршәаны, аиҳабыра Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хҩык аусзуҩцәа асанкциақәа рзышьақәнагрылеит. Арҭ ахаҿқәа Қырҭтәыла аҿагыларатә акциақәа агәымбылџьбарала реимырппразы аҭакԥхықәра ирыдуп. Ҳара урҭ Чехиатәи аҳәынҭқарраҿ рылкылара ҳҭахым”, – иҩит Иан Липавски.