Бундестаг адепутатцәа ргәаанагарала, Қырҭтәылаҟны авизалиберализациа аҧыхра иахәҭам
Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы Бундестаг адепутатцәа Робин Вагенери, Томас Ҳакери, Кнут Абраҳами ишырҳәаз ала, Қырҭтәылаҟны авизалиберализациа аҧыхра иахәҭам.
Бундестаг адепутат Робин Вагенер ишиҳәаз ала, Қырҭтәылаҟны авизадатә режим аҧыхра ииашам.
«Авизадатә режим ҳаналацәажәо, ҷыдала ҳгәы ҳҽанызароуп. Ҳара лабҿаба иаабоит Қырҭтәыла ауааҧсыра Евроедгыла иалалар шырҭаху. Дара авизада Европаҟа анеира алшара рымазар ҳҭахуп, Европаҟа инеины, уаатәи аҧсҭазаара зеиҧшроу рбар ҳҭахуп. Убри аҟынтә, авизадатә режим аҧыхра иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Вагенер.
Бундестаг алахәыла Томас Ҳакер ишиҳәаз ала, авизатә режим алиберализациа абзоурала, аҿар Европаҟа анеиреи аҵареи азы алшара бзиа роуеит.
Бундестаг адепутат Кнут Абраҳам иажәақәа рыла, авизадатә режим аҧыхра Қырҭтәыла Европа иалалар зҭахым ирыхәоит.