Будапешт жәанызқьҩыла ауааҧсыра Виктор Орбан иҿагыланы апротесттә акциа мҩаҧыргеит
Будапешт жәанызқьҩыла ауааҧсыра аҧыза-министр Виктор Орбан иҿагыланы апротесттә акциа мҩаҧыргеит.
Акциаҿ дыҟан аоппозициатә партиа «Тиса» алидер Петер Мадиар, аҭҵаарақәа рацәа инрықәыршәаны, иара ипартиа Орбан ипартиа аҧхьа игылоуп.
Уажааны Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан ишааицҳаз ала, аҳәаанырцәынтә аҧара зауа аполитикцәеи ажурналистцәеи ирҿагыло ақәҧара ирҕәҕәоит.