Иракли Кобахиӡе ихы аларихәоит Бриуссель иахьа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара
Иракли Кобахиӡе ихы аларихәоит Бриуссель иахьа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара

Бриуссель иахьа имҩаԥысуеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара. Аилатәара ихы аиалрхәоит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Евроеидгыла ахеилак апрессрелиз аҟны ишану ала, аилатәара бриуссельтәи аамҭала асааҭ 11:00 рзы иалагоит. Аилатәара напхгара азиуеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель, Қырҭтәыла аделегациа напхгара азиуеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аилатәара ашьҭахь Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррели Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи аихқәа рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе актәи авизитла Бриуссель ддәықәлеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра рнапгаҩы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диԥылоит, имҩаԥысуеит Нато-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара.