Британиатәи атуристтә медиа-платформа адыррала,  Степанҵминда  адунеиаҿ зегьы реиҳа иҧшӡуо ақалақь хәыҷқәа иреиуп
Британиатәи атуристтә медиа-платформа адыррала,  Степанҵминда  адунеиаҿ зегьы реиҳа иҧшӡуо ақалақь хәыҷқәа иреиуп

Британиатәи атуристтә медиа-платформа   TimeOut адунеиаҿ зегьы реиҳа иҧшӡоу  16 ақалақь хәыҷқәа реиқәыҧхьаӡа цәырнагеит.  Адунеиаҿ зегьы реиҳа ипопулиару атуристтә ақалақьқәа рсиа иануп ақырҭуа ақалақь  Степанҵминдагьы.

Астатиа автор,   ашәҟыҩҩы-аныҟәаҩ  Индиа-Џьеин  Траинор ишылыҩуа ала,  Степанҵминда – хазы иҟоу аҭурыхтә ҭыҧуп, уи адунеи амҩеихысырҭаҿ ишьҭоуп, Европеи Азиеи рыбжьара.

«Иара убас, Степанҵминда идыруп Казбеги ахьӡалагьы. Степанҵминда – хазы иҟоу аҭурыхтә ҭыҧуп, уи адунеи амҩеихысырҭаҿ ишьҭоуп, Европеи Азиеи рыбжьара.  Ар  аиланхарҭа ҳ.ҟ. VI ашәышықәса иаҵанакуеит», — иануп астатиаҿы.