Британиа Ду Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ачынуаа дуқәак асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Британиа Ду Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ачынуаа дуқәак асанкциақәа рзышьақәнаргылеит

Британиа Ду Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии даҽа ҧшьҩыки асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Ари атәы иануп Британиа Ду аиҳабыра рсаит аҿы.

Асанкциақәа рзышьақәыргылоуп  Сулхан Ҭамазашвилии, Миллер Лагазаурии, Звиад Харазишвилии,   Алеқсандр Дарахвелиӡеи.

Асанкциақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп активқәа рырҵаареи аныҟәарақәа рзы аҧкрақәеи.

Британиа Ду аиҳабыра ринформациа ишану ала, арҭ ахаҿқәа ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак рыҧхықәуп. Лымкаала, апротестқәа раан Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, адемонстрантцәа рганахьала   аполицаицәа рыла еизшарам амчылара  иахылаҧшуан.